Арадио

Гәынба еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш шеиҿкаахо

Sputnik
Иахьа ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа. Традициала ари амш аҽны атәыла араионқәа зегьы рҟны еиҿыркаауеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, аха иҳәатәуп, аӷьырак аҳҭнықалақь аҟны ишыҟоу. Аплан иарбоу аусеиҿкаатәқәа дрылацәажәеит Акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба. Иара иажәақәа рыла ҩ-сааҭки бжаки ицо аныҳәатә программа шьақәырӷәӷәоуп аминистрраҟны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш аҽны асааҭ 19:40 рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟнытә Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟынӡа абираҟқәа кны аныҟәара мҩаԥгахоит. Асааҭ 20 рзы атеатр ашҭаҿы аҟазаратә коллективқәеи аестрадатә артистцәеи злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит.