Аԥсны

Аламиа еиҭеиҳәеит имшира ныҳәак еиԥш азгәаҭара мап зацәикуа

Sputnik
Аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II-тәи аҩаӡара акавалер, Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиеи занашьоу, Аԥсны аҳәынҭқарра агимн ажәақәа равтор, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара акыр иазааԥсахьоу, ажурнал "Аԥсны аҟазара" аредактор хада, Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Геннади Аламиа ԥхынгәы 24 рзы 75 шықәса ихыҵит.
Геннади Аламиа — 1960-тәи ашықәсқәа раан аԥсуа литература иаҵагылаз арҿиаҩцәа дыруаӡәкуп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус иуан амилаҭ газеҭ "Аԥсны", ахәыҷтәы журнал "Амцабз" рредакциақәа рҟны, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" иҭнажьуаз агазеҭ "Аидгылара" (аԥсышәала), ажурналқәа "Черкесский мир", "Абаза", "Аиҭаира" напхгара аиҭон, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩс, насгьы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, ашьҭахь – Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.