Арадио

Ашба акарпыжә сынтәатәи аҽаҩразы: аарҩара шыҟазгьы, ибзиахеит

Лашькьындар ақыҭа анхаҩы Едик Ашба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, акарпыжә аарыхра сынтәа изеиԥшрахаз, уи анаҩстәи аҭира аус аиҿкаара игәы ишҭоуи, акарпыжә аарыхра иацу ауадаҩрақәеи ртәы .
Sputnik
Сынтәа иҟаз аарҩара иахҟьаны аҽаҩра ихьшәаны иҟалеит, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы анхаҩы. Даҽа мчыбжьык ашьҭахь Едик икарпыжә аҭиирахь инаигартә иҟалоит.
"Сара анкьа ишыҟарҵоз еиԥш саҿуп, хәыҷы-хәыҷла сҽеиҵысхуеит. Ицәаӷәаны, ичалтны, нас ижны, ҩба-ҩба ведра арҵәыра ҭажьны, хәышә-фышә лунка рҟынӡа ҳамч шақәхо еиԥш ҳаҿуп. Арҵәыра аумҭар ихаахаӡом. Ашахәҭоу иҟаҵатәуп, ари ауаҩы ифатә ауп. Сынтәа аҽаҩра бзианы иҟоуп, аарҩареи акырцхи хәыҷык ишаԥырхагахазгьы", - ҳәа иҳәоит Ашба.
Иара иажәақәа рыла жәа тоннак инареиҳаны аҽаҩра дақәгәыӷуеит. Акарпыжә рмашьына еиқәаҵәа "Жигули" иақәҵаны, амҩаду аҿы игыланы ирҭииуеит.
"Ахәыҷқәа аҭиишьа дсырҵоит, уцан аџьармыкьахь иганы иалуҵар ҟалоит, аха амашьына хәыҷы сымоуп. Сыԥшәмеи сареи ҳцоит, амҩаду аҿы ҳгылоит акапанга ҳаманы, уи еиҳагьы аинтерес ҳзаҵәоуп, ауаа ааиуеит, карпыжәк ргозар, аԥара еиҳаны иаанрыжьуеит", - иҳәеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.