Аԥсны

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы иҟалаз амцакра зыхҟьаз ҳәа агәаанагара цәыргоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы иҟалаз амцакра иамзызны иԥхьаӡоуп афымцамчцәаҳәақәа реиқәылара ма ахьанҭара рзышьҭымхра ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Урыстәылатәи акриминалистцәа иҟарҵаз алкаақәа рыла абылра ахы акит асахьақәа рыҵәахырҭеи ЦМР абанк асервери рыҭуанқәеи ахыби рыбжьара. Гәаӷшақә амцакра ыҟан ҳәа узҳәом.
Агәаҭарақәа ирылҵшәаны иӡбан ашьаус ахацыркра мап ацәкызарц, избанзар ацәгьоура (амца гәаӷшақә аркра), иара убасгьы асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа иумҭаҿы цәгьара аҭыԥ рымамызт ҳәа ишьаны.
Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә еилакы Аԥсны АҶА ахь инанашьҭит  амцакратә шәарҭадара аиҿкаара аусхк аҟны азакәанԥҵара ариашарақәа  ралагалара хымԥада ишаҭаху азы ашәҟәы.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы амцакра ҟалеит ажьырныҳәа 20 - 21 руха. 4 000 сахьа рҟынтәи еиқәхеит 150 рҟынӡа. Арахь иаланакит Варвара Бубнова лусумҭақәа ҩба. Амца  иқәнахит ЦМР абанк  амаҵзуратә уадақәеи амазареи.