Аԥсны

"Амацәыс", "Ашьауардын амҵәыжәҩақәа", "Амцаԥшь": Eytsikәashow аԥшьбатәи аконцерт

Sputnik
1 / 10

Акәашаратә проект Eytsikәashow аԥшьбатәи аҳасабырбатә концерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

2 / 10

Алахәылацәа дҵас ирыман ачечен жәлар рыкәашара ма адыга кәашара "Щэщэн" руак алхны акәашара.

3 / 10

Аҽазыҟаҵарақәа 25 мшы ицон.

4 / 10

Апроект иалагӡаны 6 концертк ҟалоит.

5 / 10

Еицыкәашо 14 гәыԥ актәи аҭыԥ азы еиндаҭлоит, аҳамҭа хада — 450 000 мааҭ, аҩбатәи аҭыԥ зго — 200 нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ — 100 нызқь мааҭ роуеит.

6 / 10

Апроект зегьы иалагӡаны ироухьоу абаллқәа аныԥхьаӡаха ашьҭахь, актәи аҭыԥ агеит Саид Ҳагбеи Милена Ҭачулиеи рдует "Амацәыс".

7 / 10

Аҩбатәи аҭыԥ — Адгәыр Миқаиеи Илона Зыхәԥҳаи рдует "Ашьауардын амҵәыжәҩақәа".

8 / 10

Ахԥатәи — Адис Агрбеи Себина Зекир-оӷлыи рдует "Амцаԥшь".

9 / 10

Sputnik Аԥсны — апроект аинформациатә дгылара анаҭоит.

10 / 10

Аҵыхәтәан арҵаҩцәа Аслан Багаԥшьи Денис Инаԥшьбеи рҵаҩцәа афильм "Рокки" аҟны иаҳәо амузыка иацкәашеит.