Арадио

Ашәба Феридун Аҟәысба изкны: агәамч изҭоз иаԥсуара акәын

Иԥсҭазаара далҵит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа раԥхьатәи анапхгаҩы Феридун Аҟәысба. Ари амаҵзураҟны иара дзыԥсахыз иколлега Џьингиз Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, уи игәалашәараҿы дшаанхо атәы.
Sputnik
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспореи рыбжьара аимадарақәа рырҿиара аус аҟны злагала ду Феридун Аҟәысба ҩынтә Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа анапхгаҩыс далырххьан. Иара 78 шықәса ихыҵуан.
"Ҳаиҳабы иакәын, аха ҳара иашьаҵас дҳацныҟәон. Ԥсышәала дцәажәон, ԥсышәала дхәыцуан. Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа реидкылараҿы даара аџьабаа ибеит. Зегьы дрыкәшаны, рыразра аахәаны еидикылон. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны афедерациақәа шьақәыргыланы амҩа иқәиҵеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.