Арадио

Ҷҟәаниаԥҳа Кындыӷтәи аӡырԥха аҭааҩцәа рзы: еиҳараҩык аҳақьым иабжьгара рымоуп

Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рҿы аус зуа Џьулетта Ҷҟәаниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа русура шеиҿкаау, еиҳарак ирҭаауа асасцәа аӡырԥха ирнаало ирнымаало шгәарҭо атәы.
Sputnik
Ҷҟәаниаԥҳа лажәақәа рыла, ари аԥхынраз ҵыԥх еиԥш ауаа рымам, аха уеизгьы ааиуеит, азгәалҭеит лара.
"Асасцәа иргәаԥхоит, рҽыркәабоит, рыԥсы ршьоит, ицоит. Аусура шьыжьы инаркны ҳалагоит, ашоураха аӡыршы иҭамларцаз. Аха, еиҳарак ҳаззыԥшу, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа иаҳзаарго ауаа роуп. Дареи ҳареи иҳабжьаҳҵеит аиқәшаҳаҭра. Аԥсшьаҩцәа рхала ҳара ҳахь иааиуеит амш аныцәгьоу, рымш дмырӡырцаз. Ашоура аныҟоу, амшын аҿы аҽыкәабара еиҳа еиӷьаршьоит", - лҳәеит Ҷҟәаниаԥҳа.
Џьулетта Ҷҟәаниаԥҳа илҳәеит, аӡынтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь еилкааны ишыҟаз, аԥхын азы асасцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшрахоу атәы, уи лхатә ԥышәа иднарбахьеит. Лара убасгьы еиҭалҳәеит, аӡырԥха иаҭаауа зегьы ибжьаратәу ақәра ишеиҳау, дара зегьы заанаҵы амедицинатә гәаҭара ишахысхьоу, убри аҟынтә ирдыруеит, уи рыдыркылар ҟало иҟамло.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.