АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Гагра ԥхынгәы 27 рзы иҟалаз амҩатә машәыр аан аахақәа зауз аӡӷабцәа руаӡәк лҭагылазаашьа даара иуадаҩуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ахәыҷы иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аус дзыруа аппарат алоуп лыԥсыԥ шыларгаҩарго, лшьақәыӷәӷәара ахәшәқәа рыла иркуп. Аахақәа зауз егьи аӡӷаб лҭагылазаашьа уадаҩуп, аха макьана деицәамхацт.
Ахәыҷқәа амедусбарҭа иҭашәеит аахақәа рацәаны ирыманы лҳәеит Арсалиаԥҳа. Амедикцәа иахәҭоу зегь ҟарҵоит урҭ рыхәышәтәразы.