Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы Алмасхан Чачхалиа арадио Sputnik аҿы далацәажәеит ақыҭа иара изы изакәу, инапы злаку аусқәа, насгьы акарпыжә аарыхра иацу ауадаҩрақәеи алҵшәақәеи ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.