Иахьа инаркны Аԥсны ихацыркхоит Пицундатәи афестиваль. Сынтәа ҩынтәуп уи еиҿикаауеижьҭеи Чаиковскии ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа, афестиваль сахьаркыратә напхгаҩы Барас Кәыџба. Аԥсны Жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы, Нодар Ҷанба арадио Sputnik аефир аҿы афестиваль аҵакы дазааҭгылеит.
Пицундатәи афестиваль дууп, иара иаразнак амҽхак ҭбааны иҟалеит, ҳәа иҳәеит Ҷанба аиҿцәажәараҿы.
"Ирацәаны атәылақәа, ихароу аҳәынҭқаррақәа алахәын ҵыԥх, ус иҟалеит сынтәагьы. Дара амузыкантцәагьы ҳаракын. Ари ҳҳәынҭқарра ахԥша иазеиӷьуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷанба.
Иара далацәажәеит Пицундатәи ауахәамаҿы амузыка абжьыгара аҷыдарақәа ртәы, уа иҟоу абжьыҭгара акы ишаламҩашьо.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.