Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аҩӡба аҩыҟаҵаҩ Николаи Ачба изкны

Sputnik
Ԥхынгәымза 30 рзы диит аҩыҟаҵаҩ, АССР Иреиҳау асовет адепутат Николаи Баҭа-иԥа Ачба. Гәдоуҭа аҩызауад маҷ ала зусура иалагаз аҩыҟаҵаҩ дызнысыз амҩа хҭысла ибеиан, иалихыз ахырхарҭа мацарала акәымкәа еиуеиԥшым политикатә хҭысқәа рылагьы. Зхатә традициақәа змоу аҩыҟаҵарҭа ицәырнагеит иахьагьы аҩызауад злаҽхәо ахкқәа. Николаи Баҭа-иԥа Ачба иус еихаҳауа иахьа иааигоит имаҭа Николаи Ачба, убасгьы иара ивагылоу аԥышәа дуӡӡа змоу аҩыҟаҵаҩцәа. Убарҭ иреиуоу Валери Борис-иԥа Аҩӡба дигәалаиршәеит аҩызауад ахыҵхырҭаҿы игылаз Николаи Ачба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.