Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа злахәу алагер иазкны

Sputnik
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, есышықәсатәи аԥхынтәи алагер еиҿкаауп сынтәагьы. Уи аус ауеит ԥхынгәы 27 инаркны нанҳәа 5-нӡа. Ас еиԥш апроект еиҿыркаауеижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит сынтәа. Алагер аҟны аҟазааразы рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит 98-ҩык ҳџьынџьуаа Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Ливанынтәи, иара убас Нхыҵ Кавказынтәи. Дара арҭ амшқәа рзы рныҟәарақәа шеиҿкаахо, ирзышьақәыргылоу апрограмма шыҟоу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак аинформациа- аналитикатә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Џьопуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ҳџьынџьуаа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны идырбахоит рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭыԥ ԥшӡарақәа, иреилыркаахоит аԥсуаа рҭоурых, ркультура, рыбзазара. Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара 98-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 45-ҩык Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациеи Кавказ акультуратә центрқәа рфедерациеи ишьақәдыргылаз асиа иалақәоу роуп, Ливанынтәи 17-ҩык ыҟоуп, Иорданиантәи 11-ҩык, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аҟынтә 25-ҩык. Апроект "Ахьышьҭрахь" хықәкыс иамоуп аԥхынтәи алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳхылҵшьҭрақәа иреиуоу ахәыҷқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл рырдырра, аҭыԥшӡарақәа рҭаара, илахҿыхны Аԥсны аԥсшьара рзеиҿкаара, ианыҩеидаслак рабдуцәа рџьынџь иазыхынҳәраз агәыбылра дыркра, изхылҵшьҭроу ажәлар рыԥхарра рыҭара, рдоуҳамч рырнырра.