Арадио

Шларба аҿкы чымазарақәа ирыцу ашәарҭаразы: еиҳарак аҷаҷақәа ирныруеит

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, аԥхын аамҭазы аҿкы чымазарақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, урҭ еиҳарак изыхҟьо, насгьы иарабан ԥҟарақәоу изықәныҟәатәу урҭ рҽырцәыхьчаразы.
Sputnik
22-ҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп иахьазы Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы. Еиҳарак зхыԥхьаӡара рацәоу ахәыҷқәа роуп, иҳәеит Шларба.
"Ачымазаҩцәа еиҳарак ирымоу аротавирус ауп. Уи иагьшәарҭоуп. Ашоура ҳаракы ацуп, амгәахьаа, ауаа ргәы еилахынҳәуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аҳақьым.
Иара иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭахь инанаго аԥсшьаҩцәагьы рацәаҩуп. Убри аан аҳақьым зегьы ргәырҽаниҵеит, афатә, ауҭраҭых зегьы ибзианы иӡәӡәаны ишыфалатәу. Амшынӡы, акарпыжә, атама уҳәа ауаа ирԥырхагахо маҷым. Еиуеиԥшым урҭ ахәышәтәырҭахь иназго амзызқәа.
Аҳақьым еиҭеиҳәеит, аҿкы чымазарақәа ирыцу ашәарҭара атәы, урҭ еиҳарак аҷаҷақәа ишрыдҳәалоу.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.