Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Ленински ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Ленински Торецки ахырхарҭаҿы ахы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, БПЛАи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ абылтәы-хьшьтәы материалқәа рышьҭаҵарҭақәа хәба, БМПқәа Bradley – хәба, уаҩ дызҭам ашхәақәа ргыларҭа ықәрыцҟьааит.
137 раион рҿы ааха рыҭоуп акәылӡтәы танкқәа рҭыжьырҭа азауад аремонт-еиҭашьақәыргыларатә цехқәа, аруаа, арратә техника.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 631 ҳаирыплан, 278 вертолиот, 28382 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 556 зенит-ракетатә комплекс, 16660 танки акәылӡымашьынеи, 1383 реактивтә система, 12367 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 24046 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.