Арадио

Џьопуа Очамчыра ажрақәа раан ирбаз аҩыразы: шьаҿа бзиоуп ҳаԥсуа ҭоурых азы

Sputnik
Ажәытәӡатәи ақалақь Гиуенос иахьатәи Очамчыра иахьаҵанакуа итрадициахаз жәларбжьаратәи аԥсуа-аурыс археологиатә експедициа мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы. Уи мызкы иалагӡаны ицалоит нанҳәа 15 рҟынӡа. Ажрақәа иаразнак алҵшәа аадырԥшит, акрызҵазкуа аҩыра зну ахаҳә рԥыхьашәеит археологцәа. Иарбан шәышықәсоу уи зҵазкуа, иану, аҵарауаа рыԥшаах иахырҳәаауа атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аекспедициа аԥсуа ган напхара азҭо археолог, Ахәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Аԥснытәии урыстәылатәии археологцәа хәышықәса раахыс Очамчыра, антикатә қалақь Гиуенос аҿы ажрақәа мҩаԥыргоит. Ажәытә еллин бызшәала аҩыра зныз акьырлых гәашьа аадырԥшит археологцәа.
Аҩыра ахәбатәи ашәышықәса анҵәамҭеи афбатәи алагамҭеи ирыҵаркуеит. Уи аԥхьа ирԥыхьашәахьаз аԥшаахқәагьы уи аамҭа иадҳәалоуп, иҳәеит Џьопуа. Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш аԥшаах шьаҿа бзианы иҟалеит аԥсуа ҭоурых азы ҳәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.