Акоммуналтә усбарҭақәа реидара хьанҭоума, иарбан уадаҩрақәоу ирԥыло, ашәахтәқәа реизгара апроцесс шԥамҩаԥысуеи, иарбан зҵаарақәоу анхацәа ргәы иҵхо, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит Аҟәа ақалақь 3-тәи аҩнусҩбараҭа аиҳабы Асҭамыр Матуа, Гәдоуҭа анхарҭатә коммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Феликс Сымсым, иара убас аҩнеихагылаҿы инхо Далила Шьаданиа.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.