Гәылрыԥшь анхарҭа-коммуналтә нхамҩа атехниказы ахыбра ҿыц ргылоуп. Уаанӡа ирымаз амашьынақәа зегьы ақәеи амреи ицәгылан ҳәа иҳәеит Наҷҟьебиа. Иргылоуп 10 машьынак зкуа аҭыԥ, иҟаҵоуп амашьынаӡәӡәарҭа ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара уи адагьы иаахәоуп еиуеиԥшым атехника ҿыц. Уи иақәтәоу ауаа рыла еиқәшәоуп. Наҷҟьебиа еиҭеиҳәеит атехника рыхә шаҟа артәаз.
Иара убас Адаминистрациа акттә зал ҿыц еиҭашьақәыргылан, урҭ аусурақәагьы нарыгӡон анхарҭа-коммуналтә нхамҩа. Ҭемыр еиҭеиҳәеит имҩаԥгаз аусурақәа ртәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.