Аԥсны

Аҳаир-десанттә ар рымш азгәарҭеит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аҳаир-десанттә ар рымш азгәарҭеит Аҟәа иахьа, нанҳәа 2 рзы.
Аҳаир-десанттә ар уаанӡатәи алахәылацәа Аҟәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз Ҳасан Ҳаразиа анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ҳаразиа Ҳасан диит 1908 шықәса Мархьаул ақыҭан. Аибашьраан ажәабатәи агвардиатә аҳаир-десанттә бригада напхгара аиҭон. Тула, Ориол, Смоленск аибашьрақәа дрылахәын.