60 гектар рҟынӡа абнара Гагра араион Баӷрыԥшь иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду инаваршәны иблит иацы ихәыцҟьаз амца иахҟьаны. Уахь иаразнак инашьҭын амца зырцәоз агәыԥқәа. Иабанӡарылшеи амца аанкылара , иахьазы ашәарҭара ҟамларазы хылаԥшрас иарҭо, аҭагылазаашьа зеиԥшроу, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Гагра араион абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.
Бганба иазгәеиҭеит Гагра араион аҟынтәи амцарцәаратә машьынақәа жәаба иара убас аӡы мҩанызго амашьынақәагьы рыцырхырааны иацы амца аанкылара шрылшаз. Иахьазы аиқәырхаҩцәа амцакра ахьыҟаз азааигәара иҷаԥшьоит, иахьзымнеиз аҭыԥқәа рҟынтәи амца ахы шьҭнамхырц.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.