1976 шықәса раахыс ашкол аҿы акапиталтә ремонттә усурақәа мҩаԥысуамызт. 2012 шықәса рзы иԥсахын ахыб, аҩбатәи аихагылаҿы аԥхьатәи аԥенџьырқәа ҿыц иҭаргылан.
"Ҵыԥх Заур Зарандиа ашкол аҿы даныҟаз ибеит аибашьраан иҭахаз рфотосахьақәа шыԥсахтәыз. Убысҟан астенд шьақәиргылеит, аԥенџьырқәа иԥсахит актәи аихагылаҿы. Уажәы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аныҟаз дааины иҳәеит, актәи аихагыла зегьы ҭарцәны иҟаҳҵарцаз. Адырҩаҽны ауасҭацәа иаманы дааин, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп", - еиҭеиҳәеит Кәакәасқьыр.
Маркәылатәи ашкол адиректор иажәақәа рыла, ашкол аҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп. Иҟоуп класск ҩыџьа аҵара ахьырҵо. Зегь иреиҳау акласс аҿы жә-ҩык тәоуп.
"Ақыҭаҿы анхацәа алархәны имҩаԥыҳгараны ҳаҟоуп аизара, аҭаацәа ҳрабжьарц, ақыҭа анҭыҵ аҵара зҵо ахәыҷқәа иргьежьны иааргарцаз, ақыҭа ашә адмыркырцаз. Арҵаҩцәа рыла ашкол еиқәшәоуп. Иныҟәызго автобус ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Кәакәасқьыр.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.