Арадио

Цкәуа алагер "Аԥсар" аҟны ахәыҷқәа раамҭа шырхырго атәы еиҭеиҳәеит

Sputnik
Аԥхын аԥсшьарамшқәа раан ахәыҷқәа алагерқәа рзеиҿыркаауеит. Аҭыԥ ԥшӡақәа ирҭаартә алшара ахьроуа анаҩсгьы аҭоурых рзеиҭарҳәоит, иҿыцу ак рызнаргоит, иддырбоит, иддырҳауеит, аицлабрақәа рзымҩаԥыргоит. Алагер "Аԥсар" аҟны ахәыҷқәа ашкол анҭыҵтәи рыԥсшьара шырзеиҿкаау еиҭеиҳәеит алагер ааӡаҩ, Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҭоурых арҵаҩы Солидаҭ Цкәуа.
Иара иажәақәа рыла, алагер аҟны ахәыҷқәа Ауадҳара мчыбжьык аамҭа рхыргоит, гәыԥцыԥхьаӡа 60 ҩык иреиҵаӡам. Аԥхьатәи амш азы ирзеиҭарҳәоит ашьхараҟны ахымҩаԥгашьа шаҭаху, ҳажәлар рҵас, рқьабз инақәыршәаны. Убасгьы алагер аҟны аԥсуа хәмаррақәа рҟны рхы ԥыршәар рылшоит, ахәыҷқәа иддырбоит ахыци ахәымпали рыла ахысшьа. Алагер аҟны ирзеиҿаркаауеит еиуеиԥшым аныҟәарақәа аӡиақәа, аӡхыҽҽақәа, аҳаракырақәа рахь.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Алагер "Аԥсар" аусура хацнаркит ԥхынгәы 15 рзы, аус аулоит нанҳәа 25-нӡа. Аӡәы иҟазаара алагер аҟны 14 нызқь мааҭ иаԥсоуп.