Ахәыҷтәы лагерь “Альфа- аԥсышәала ҳцәажәалап” аусура иацнаҵоит. 7 шықәса инаркны 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, зхатәы бызшәа аҩаӡара еиуеиԥшым жәамш рыҩныҵҟа ирымоуп алшара рдыррақәа реизырҳаразы, рбызшәа аҩазара ашьҭыхразы, аҵас, ақьабз атрадициақәа ирызкны инарҭбаау аинформациа аиуразы, убасгьы асахьаҭыхра, абаҩырҵәыра уҳәа, ргәы змырҿыӷьша адисциплинақәа алагалоуп.
Алагерь ахь инеиуа ахәыҷқәа рдыррақәа зеиԥшроу, иаадырԥшуа аинтереси, ирнаҭо ахәарҭеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит “Альфа- аԥсышәала ҳцәажәалап” аԥсуа бызшәа арҵаҩы Милана Ҳагԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.