Аԥсны Жәлар реизара атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рхеилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергьелиеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуеи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аветеранцәа рзы азакәан апроектқәа аԥсахрақәа ралагалара атәы.
Аԥсны Жәлар Реизараҟны иаԥҵоу аусутә гәыԥ "Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи ареспублика аҵакыраҿы аҭыԥ змаз аибашьратә хҭысқәеи рветеранцәа рзи" "Зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи иҭахази рҭаацәарақәеи тәанчахәыла реиқәыршәарази" азакәанқәа аԥсахрақәа ралагалара азырхиара иалацәажәеит.
Ари азакәан апроект алацәажәарахь иназгаз Апарламент аҿы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рхеилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергьелиа арадио Sputnik аҟны азакәан ахықәкқәа дырзааҭгылеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа иҳәеит аветеранцәа зегьы рсиа аиқәыршәара дара рус аҿгьы ишрыхәо атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.