Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Багаҭелиа ашахмат асраҿы еихьӡарақәа ирызкны

Ашахматасҩы Нестор Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, арҭ амшқәа рзы Аҟәа ицо Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны-Open" амҩасшьа атәы, иара хаҭала иаарԥшуа аихьӡарақәа ртәы, насгьы иаԥхьаҟа ашахмат аганахьала гәҭакқәас имоу атәы.
Sputnik
Нестор Багаҭелиа 12 шықәса ихыҵуеит, аабатәи акласс аҿы дтәоуп. Фышықәса шихыҵуаз ашахмат асра далагеит. Иахьа адуцәа драцлабуеит.
"Ашьыжь сангылалак сҽазыҟасҵоит, сзыцлабуа ихәмарруақәа сыԥшаауеит. Асааҭ фба рзы ахәмаррақәа ирылагоит. Ахәыҷқәа срыцыхәмарӡом, адуцәа роуп. Урҭ рҿы иаҳа интересуп. Ианаҵасырхоит, ианаиааиуагьы иҟоуп", - иҳәеит Нестор.
Иара еиҭеиҳәеит, ашахмат асра дшалагаз атәы, есыҽны ишҽазыҟарҵо.
"Есыҽны фба-фба сааҭ сҽазыҟасҵоит. Атурнирқәа рҿы актәи аҭыԥ агара сгәаԥхеит. Иҟоуп атурнирқәа рҿы хә-сааҭк саныхәмаруа", - иҳәеит Нестор
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.