Алимфатә леикоз здырбалаз 12 шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа лзы аԥареизгара аус цоит. Аамшы ирылагӡаны 19 миллион мааҭ еизгоуп иаҭаху 25 миллон мааҭ рахьынтә. Афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥареизгара аус шцо, агәыӷра шлымоу иахәҭоу аԥара зегь еизгахап ҳәа.
Ҳара ҳақәгәыӷуеит иаҭаху аԥара зегьы аизгара ҳалшаԥ ҳәа, иаабоит ахәыҷы лыԥсҭазаара еиқәдырхарцаз ауааԥсыра иҟарҵо аидгылара атәы ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьынџьалԥҳа.
"Иаанхеит 6 миллионк хәыҷык инацны. Даараӡа иҳараку аизгара мҩаԥаҳгоит, уи ацашьагьы бзиоуп. Актәи амш иалагӡаны 2 миллионк мааҭ инареиҳаны иаарышьҭит. Исымоу аԥышәала исҳәар сылшоит, абас ауаа еидгыланы ацхыраара ҟарымҵеижьҭеи акрааҵуеит", - ҳәа инаҵылшьит лара.
Ас еиԥш арбага бзиақәа ахәыҷы лчымазараа бааԥс ауп мзызс иамоу ҳәа агәаанагара лымоуп Џьынџьалԥҳа.
"Ауаа еилыркаауеит уи иацу ашәарҭара атәы – уи акы. Ҩба – ахәыҷы лан Таиа Возԥҳа дыблогеруп. Ахәыҷы рацәа ахьыҟоу ҭаацәароуп. Лара еснагь лхәыҷқәа ирыдҳәалаз ахҭысқәа ртәы еиҭалҳәон. Ирацәаҩуп ари аҭаацәара здыруа ауаа", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.