Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Џьынџьал Маркәыла анхаҩы ихныҟәгашьа иазкны

Sputnik
Маркәыла инхо Гарри Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит инапы злаку, ақыҭаҿы инхо арахә нҵаны имазар шакәу, ацитрус шәырқәа, ауҭраҭых, амхы аус шадыруло, раарыхра шыҟоу, уи анаҩс аҭаацәа хныҟәгагас ирымоу атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.