АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ааныркылеит урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа "Ԥсоу" аҿы.
Ахархәагақәа фба уи амаҭәахәқәеи амашьына Kia Rio аидараҭыԥ иҭаҵаны Аԥсныҟа иаларгаларц рҽазыршәеит.
Ахархәагақәа ашәҟәы иҭагалаӡамызт ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
Атауар рымхуп, ақәырԥшыгақәа аекспертизахь инашьҭуп. Ахҭыс аганахь ала административтә зинеилагаразы ашьаус ахацыркра азҵаара аӡбра иаҿуп.