Нанҳәа 17 рзы Аԥсны иаадыртуеит ашәарыцаратә аамҭа. Традициа ҳасабла изеишәарыцо ачақәа ракәхоит асезон алагамҭазы. Ачашәара иазалху аамҭеи, зыцәхьаҵра амуа аԥҟарақәеи, иааидкыланы ашәарыцаратә сезон аихшареи, амҩасшьеи, сынтәа ашәарыцацәа ргәыԥ ахьынӡаҽарҭбаауеи, арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
Ауаҩы жәаа шықәса анихыҵлак ашьҭахь ашәарыцацәа ргәыԥ далалар илшоит. Уи азы идыруазароуп аԥҟарақәа - асезон ианалаго, иушьыша зымуа-изуа, аҳәырԥсаррақәа ахьыҟоу. Ԥышәарак аҳасабала ҳиҿцәажәоит, аҳәсеи ахацәеи ашәарыцара атәы здыруа аӡәгьы мап ицәаҳкуам, иазгәеиҭеит иара.
"Аҵыхәтәантәи ҩышықәса аилазаара иалало маҷуп. Аӡынтәи ашәарацара, еиҳа ауаа ахьнеиуа, аҳәыҳәи акәатеи маҷхеит. Ҵыԥх хәыҷык аҳәыҳә ааит, убри ҳаигәырӷьеит. 2016 шықәса рзы акәын аҵыхәтәан ҳанышәарыцоз. Аа-шықәса ҳгәаҟуа ҳазыԥшын", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.