Арадио

Сақаниа Маркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥ аҿы аӷьыҷразы: аҭыԥ здыруаз аус руан

Ажыҩцәа еиқәаҵәақәа" ҳәа изышьҭоу Маркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥ дырҳәит. Маркәыла археологиатә експедициа аԥсуа ган напхгара азызуа Сурам Сақаниа арадио Sputnik ахҭыс аҳҳәаа аиҭеит.
Sputnik
Иргаз иааргаз ҳала иамбаӡеит азы, ари кыр зҵазкуаз акәын ҳәа ҳазҳәаӡом, аха. Сынтәа аусурақәа рхацыркразы ҳаннеи иаабеит, акылжаарақәа шыҟаз инабӷьаҭ-аабӷьаҭны, ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
"Ҳаналага иаабеит акыцлыхқәа хәҭак шыҟаз џьара, даҽа хәҭак даҽаџьара, убри аҟынтә иҳаӡбеит, инеиҵыхны акьыԥшь иҭагӡаны ҳақәшәазар аԥсыбыҩ ахьыҟоу ҳәа ажра. Ҳахьымжыцыз иахькылыбӷьааҭаз, даара агәалсра ду ҳанаҭеит, избанзар, уи наҟынтәи имааӡеит, аҭыԥ здыруаз аус руан. Ас еиԥш ацәгьарақәа, Аԥсны аҭоурых аҵаӷьычра, уи ркьымсыр ҟалаӡом иҟазҵаз ауаа. Ари ныхаԥаак иаҩызоуп", - иҳәеит Сақаниа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.