Арадио

Ҳагба Иҷыдоу арратә операциазы: Америка алхрақәа рышьҭахь аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит

Урыстәыла Арбџьармчқәа рҵакырахь Украина Арбџьармчқәа рыр алаларазы рҽазышәарақәа раԥырҟәҟәаара ишаҿыц иаҿуп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Аполитолог Беслан Ҳагба Sputnik арадиоефир аҿы ахәшьара аиҭоит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.
Sputnik
Урыстәыла имҩаԥнагоу иҷыдоу аоперациа ԥсыҽхарак аиуама ҳәа зегьы ацклаԥшуеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, ари аҩыза ҟалоит ҳәа Урыстәыла анапхгара азыԥшӡамызт, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Мызкы ашьҭахь Украина имҩаԥнагаз ампыҵахаларатә аоперациа иҵҟьа иқәырҵоит Урыстәыла. Аибашьраҿы ирымоу аԥыжәара еиҭа ԥхьаҟагьы иацнаҵалоит", - ҳәа иҳәеит аполитолог.
Ҳагба иажәақәа рыла Америка ахада иалхрақәа рышьҭахь амчрахь инеилак Украинатәи арежим аҭынчрахь икыларгоит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.