Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чуазԥҳа ааӡаҩцәа рзы атренингқәа ирызкны

Аԥсны аҵара аминистрра аԥшьгарала ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы имҩаԥган атренингқәа "Ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷбаҳча" ҳәа хьзыс иаҭаны. Ахәыҷбаҳча "Ашьхыц" аметодист Асмаҭ Чуазԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит уи шеиҿкааз атәы.
Sputnik
Иахьатәи ахәыҷы илаԥшҳәаа ҽакуп, убри инақәыршәаны аҽеиҭакрақәа ҟамлар залшаӡом ҳусураҿы, ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Чуазԥҳа.
"Ара хықәкыс иҟоу, ахәыҷы илогикатә хәыцра аизырҳара. Атренингқәа ааӡаҩ лус иаҳа ҟазарыла дазнеиртә еиԥш алшара лынаҭоит", - иазгәалҭеит Чуазԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.