АҶА апресс-маҵзура иаанацҳауеит ашьхақәа рахь иауа ақәа иахҟьаны аӡиасқәа шышьҭыҵуа, ауааԥсыра ргәырҽанызарц аӡы ааигәара ианыҟоу. Нанҳәамза 12 рзы иауз ақәаршҩы иахҟьаны Ҷлоу ақыҭан иҟоу Қәмарча аӡиас маҷ аҽарцәгьеит, ацҳақәа ахьыхнахаз ыҟоуп, амҩақәа ҵнаӡәӡәааит.
"Ҷлоу еиҳарак ааха рыҭан аҿаҩа иаԥну аҳаблақәа ԥшьба. Аимареи Лаганиахә аҳаблақәа рҿы ацҳақәа ҿыц еиҭашьақәыргылатәхеит. Лаганиахә, Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи ахь узымнеиуа амҩа аҭагылазаашьа бааԥсхеит. Иара убас Андроу ҳаблан ауаа зынеи-ааиуам. Убри аан аҩнқәеи амхурсҭақәеи ԥырхага рымам", - иҳәеит Сангәлиа.
Ақыҭа ахада иажәақәа рыла амҩатә усбарҭақәа иааны аҭагылазаашьа гәарҭахьеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.