Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Аԥсны аиааираҟны рлагала

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааираҿы хатәгәаԥхарала иааз рлагала, Аԥсни дареи иахьатәи реимадарақәа, рымш шазгәарҭо, ишырзыҟоу абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит "Аԥсны афырхаҵа", "Жәлар рпартиа" ахантәаҩы Шамиль Аӡынба, "Агәымшәараз" амедал занашьоу, ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа аштаб аҟны аус зуаз Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Маркәылатәи абаталион иалаз, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Марина Бжьаниаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Кырҭтәыла Аԥсны ианақәла, аҩбатәи амш азы Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациеи Жәларбжьаратәи ачерқьезцәа рассоциациеи Нхыҵ Кавказ ажәларқәа ааԥхьара рырҭеит Аԥсны ахьчара игыларц. Аибашьра иалахәын 2021-ы хатәгәаԥхарала Аԥсны ахьчара игылаз. 272-ҩык аԥсуа жәлар реиқәырхареи рхақәиҭреи рыԥсы ахҭнырҵеит. Урҭ рахьынтә Урыстәыла арегоинқәа рҟынтә 112 -ҩык: Адыгатәылантә - 7-ҩык, Ингәыштәылантә - 4-ҩык, Ҟабарда-Балкариантә - 44-ҩык, Ҟарачы-Черкестәылантә – 11-ҩык, Нхыҵ Уаԥстәылантә – 6-ҩык, Чечентәылантә – 63-ҩык, Ҭаҭарсҭанынтә – 5-ҩык, Башқырсҭанынтә -1, Удмуртиантә-1; Аахыҵ Уаԥстәылантә – 7-ҩык, Украинантә – 8-ҩык, Естониантә – 1, Ҭырқәтәылантә – 6-ҩык, Шьамтәылантә – 3-ҩык, Польшантә - 1, Азербаиџьанынтә - 1, Белоруссиантә – 1, Ҟазахсҭанынтә-1, Литвантә- 1, Аҷарантәи - 3-ҩык, Приднестровиантә – 2.
Хатәгәаԥхарала игылаз Аԥсны ахьчаҩцәа рфырхаҵаразы 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал.