Арадио

Ҭаркьыл атуристцәа Дәрыԥшь ирыдыргало ацагамҩа ҿыц азы: ауаа радԥхьаларазы аамҭа аҭахуп

Sputnik
Атуристтә хырхарҭа ҿыц хацыркуп Дәрыԥшь, уи иаҵанакуа, атуристцәа ирыдгалоу атәы еиҭеиҳәеит ацагамҩа аԥшьазгаз, аекскурсиамҩаԥӷаҩ Адам Ҭаркьыл.
Иара иажәақәа рыла, атуристцәа рзы Дәрыԥшь иалыркааз ахырхарҭа егьырҭ иреиԥшымкәа иҟам, еиҿкааны ауаа рыдгылара аҭахын, иӡырганы ауаа адрыԥхьалеит.
"Аԥсабара иҳанаҭази ауаҩы иргылаз аҭоурыхтә баҟақәа ҳхы иархәаны ацагамҩа еиҿаҳкааит. Убас ишьақәҳаргылеит Дәрыԥшь иҳамоу ауахәама, абжьарашәышықәсақәа ирыҵаркуа ахырӷәӷәарҭа, ачаи ааӡарҭа, иблахкыгоу аҩхаа Еӷырҭа аӡиас аҟны иҳамоу рыла. Уажәы егьырҭ ақыҭақәа ирымам аԥшӡара ҳара иҳамоуп сҳәар, шәысжьеит, аха иҟоу ахәыҷы еиҿкааны амҩа аҳҭеит", - иҳәеит Ҭаркьыл.
Иара иажәақәа рыла, атуристцәа ирыдыргало ацагамҩа ҿыц "Аԥсабара амаӡа" аус шауа гәарҭоит, анаҩс Атуризм аминистрра аҟны ишьақәдырӷәӷәарц ауп. Иахьазы мчыбжьык ахь хынтә аԥсшьаҩцәа Дәрыԥшьҟа инаргоит: ахаша, ахәаша, амҽыша. Агәыԥқәа ҽнак 25-30 ҩык иреиҳам иҳәеит Ҭаркьыл.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.