Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Андреи Ҷоҷуа изкны

145 шықәса ҵит арҵаҩы, арккаҩы, Андреи Ҷоҷуа диижьҭеи. Иарбан лагалоу жәлар рырҵаҩы иҟаиҵаз аҵарадырра усхк аҿы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Sputnik
Андреи Ҷоҷуа аҵараҵара убысҟак игәы азыҳәон раԥхьа Аӡҩыбжьантә Дранда ауахәама аусзуҩцәа рахь дцон аԥхьашьеи аҩшьеи иҵарцаз. Уи ахә ахшәаатәын, иҭаацәа уа ивагылан. Нас Баҭым, Азербаиџьан, Ставрополь дцон абасала, игәы ахымшәаӡо аҵара дазҿлымҳан. Иааиҵаз ажәлар рзы ихәарҭаны, ихырҳаганы иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәраҿы Ашәба.
Усҟан хатәы бызшәала аҵара рҵартә еиԥш иҟаӡамызт ахәыҷқәа, анбан ҭыжьын, аха ашколқәа рҿы иҟамызт. Убри инапы аиркуеит, ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵара рҵартә еиԥш ҳәа еиҭеиҳәоит Ашәба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.