Аԥсны

Аҳаракыраҿы: Бедиа аныхабааҟны Хьыбла Гьерзмааԥҳаи "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт

Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 18 рзы Бедиатәи аныхабааҿы.
Sputnik
Ари XXII жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥшьбатәи концертын.
Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡеит аԥсуа жәлар рашәақәа "Ахәра ашәеи" "Ахра ашәеи".
Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
1 / 12

Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" Бедиатәи аныхабааҿы аклассикатә музыкатә концерт мҩаԥыргеит.

2 / 12

Апрограмма аҟны иҟан аԥсуеи аурыси жәлар рашәақәа, асовет композиторцәа раԥҵамҭақәа.

3 / 12

Иара убас, аконцерт аҟны инарыгӡеит аԥсуа жәлар рашәақәа "Ахәра ашәеи" "Ахра ашәеи".

4 / 12

Бедиатәи аныхабаа аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥган аконцерт.

5 / 12

Аоркестр адирижиор Лев Конторович.

6 / 12

Ари акультуратә хҭыс иаҭааит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ауааԥсыра, иара убас атәыла асасцәа.

7 / 12

Бедиатәи аныхабаа ргылан Х-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Баграт III иаамҭазы.

8 / 12

Ахәаԥшцәа рнапеинҟьара анаҩсгьы, артистцәа ашәа рыцырҳәон.

9 / 12

Бедиатәи аныхабаа гылоуп Тҟәарчал араион Агәыбедиа ақыҭан иблахкыгоу аҭыԥ ԥшӡараҿы.

10 / 12

Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи, иҭаацәеи, иҩызцәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.

11 / 12

2001 шықәсазы Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аԥылҵеит адунеи аҟны еицырдыруа аԥсуа оператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

12 / 12

Бедиатәи аныхабаа аҟны аконцерт хыркәшахеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡаз, еицырдыруа асоветтә композициа амотив иалхны "Бедиатәи ахәылԥазқәа" ала.