https://sputnik-abkhazia.info/20240819/aarakyray-bedia-anykhabaany-khybla-gerzmaaai-akhort-shaara-azazatsei-rkontsert-1052034300.html
Аҳаракыраҿы: Бедиа аныхабааҟны Хьыбла Гьерзмааԥҳаи "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт
Аҳаракыраҿы: Бедиа аныхабааҟны Хьыбла Гьерзмааԥҳаи "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 18 рзы Бедиатәи аныхабааҿы. 19.08.2024, Sputnik Аҧсны
2024-08-19T13:15+0300
2024-08-19T13:15+0300
2024-08-19T13:53+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/12/1052031274_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_faf28c704a637a7e1f6ab92a27923084.jpg
Ари XXII жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥшьбатәи концертын. Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡеит аԥсуа жәлар рашәақәа "Ахәра ашәеи" "Ахра ашәеи".Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/12/1052031274_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_1b03da88237b9a5019f95ccf9205d2e7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Аҳаракыраҿы: Бедиа аныхабааҟны Хьыбла Гьерзмааԥҳаи "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт
13:15 19.08.2024 (ирҿыцуп: 13:53 19.08.2024) Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" рконцерт мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 18 рзы Бедиатәи аныхабааҿы.
Ари XXII жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥшьбатәи концертын.
Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡеит аԥсуа жәлар рашәақәа "Ахәра ашәеи" "Ахра ашәеи".
Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.

Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду "Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи" Бедиатәи аныхабааҿы аклассикатә музыкатә концерт мҩаԥыргеит.

Апрограмма аҟны иҟан аԥсуеи аурыси жәлар рашәақәа, асовет композиторцәа раԥҵамҭақәа.

Иара убас, аконцерт аҟны инарыгӡеит аԥсуа жәлар рашәақәа "Ахәра ашәеи" "Ахра ашәеи".

Бедиатәи аныхабаа аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥган аконцерт.

Аоркестр адирижиор Лев Конторович.

Ари акультуратә хҭыс иаҭааит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ауааԥсыра, иара убас атәыла асасцәа.

Бедиатәи аныхабаа ргылан Х-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Баграт III иаамҭазы.

Ахәаԥшцәа рнапеинҟьара анаҩсгьы, артистцәа ашәа рыцырҳәон.

Бедиатәи аныхабаа гылоуп Тҟәарчал араион Агәыбедиа ақыҭан иблахкыгоу аҭыԥ ԥшӡараҿы.

Аконцерт Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи, иҭаацәеи, иҩызцәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.

2001 шықәсазы Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аԥылҵеит адунеи аҟны еицырдыруа аԥсуа оператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Бедиатәи аныхабаа аҟны аконцерт хыркәшахеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡаз, еицырдыруа асоветтә композициа амотив иалхны "Бедиатәи ахәылԥазқәа" ала.