Арадио

Дбарԥҳа аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы"азы: уԥсы ушьаратәы уҵарагьы иацуҵартә иҟан

Sputnik
Пицунда ихыркәшахеит ахԥатәи жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы". Апроект иалахәын Гагра араион аҟнытә 80-ҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәеи, урҭ урыстәылатәи рколлегацәеи. Ашкол апроект хадақәа ируакуп Урыстәылеи Аԥсни "Ашықәс арҵаҩы" ҳәа иалыркаахьоу ааӡаҩцәа рԥышәа рымдара, иҿыцу аҵарадырратә знеишьақәа рхархәара. Иарбан хырхарҭақәоу ари ашкол апроект аҿы иалкааз, арҵаҩцәа русеицура шышьақәгылаз, аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа хәарҭарас ирылоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аԥхынтәи жәларбжьаратәи ашкол иалахәыз Гагратәи актәи абжьаратәи школ алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Лиана Дбарԥҳа.
"Аҭагылазаашьа убриаҟара ибзиан, угәы ҳалалӡа уԥсгьы ушьаратәы уҵарагьы иацуҵартә аҭагылазаашьа ҳаман. Иара мҩаԥыргон Урыстәыла еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи ахьӡ-аԥша змоу, зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа", - лҳәеит Дбарԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.