Ихыркәшоуп аԥхын зегьы аус зуа ахәыҷтәы абызшәатә лагер. Сынтәа уи егьырҭ ашықәсқәа иреиԥшымызт, аҳҭнықалақь ахь иааган ақыҭақәа рҟынтә ахәыҷқәа, урҭ ақалақь аҿы инхо дареи еицын. Иаанарԥшызи ас еиԥш аиҿцаара, абызшәа аҭагылазаашьа ныррас ианаҭаз абрҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, алагер аиҿкаара аԥшьызгаз, ашкол "Альфа" анапхгаҩы Фатима Дауҭиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.