Аԥшьбатәи ашәышықәса инаркны ажәаҩатәи ашәышықәсанӡа Аԥсны ақьырсианра аларҵәара шьақәзырӷәӷәо археологиатә материалқәа рыла Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аҭоурыхҭҵаарадырразы акандидаттә диссертациа ихьчеит аҟазараҭҵааҩы, археолог Сурам Сақаниа. Иара арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ақьырсиан дин аларҵәара иазку аматериалқәа шеизигози, аԥхьаҟа ӷәҭакқәас имоуи ртәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.