Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аҭаацәарақәа рҿы ақәымчра иазкны

Sputnik
Аҭаацәараҿы ақәымчра - ҳазламцәажәо, аха даара агәҭынчымра зцу зҵаароуп. Аԥсуаа ражәа иалоуп “Зызҩа зӡаз иԥа дагеит” ҳәа. Иабанӡаҳӡало ашьра аҟынӡа иназго ахҭысқәа, измада азин ақәымчразы ма даҽаӡәы иԥсҭазаара аҿахҵәаразы? Жәаҳәарада, аӡәгьы. Иахьазы аҭаацәарақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, ари атема ҳтәылаҿы ишазыҟоуи, жәытәнатә аахыс аԥсуаа рҿы аԥҳәыс ишлызныҟәоз, ҭыԥс иаанылкылоз атәы иалацәажәеит арадио SputnikАԥсны аефир аҟны. Азин, азакәан, атрадициақәа ирзааҭгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы Марина Барцыцԥҳа, Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы Очамчыратәи амаҵзура аспециалист еиҳабы Маиана Герхьелиаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.