Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажәанԥҳа Тҟәарчал ашколқәа аҵарашықәс разыҟаҵара атәы

Sputnik
Тҟәарчал араион аҟны аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыҟаҵоу, актәи акласс ахь инеиуа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, акадрқәа рызҵаара зеиԥшроу, ашәҟәқәа рыла иахьынӡеиқәшәоу, арҵаратә хыбрақәа ирҭагылазаашьоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит араион аҵараҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Инга Ажәанԥҳа.
Тҟәарчал ахадара аҵараҟәша иаҵанакуеит 17 азеиԥш школқәа, урҭ рахьынтә 6 аԥсуа школқәа, егьырҭ аурыс школқәа. Актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа сынтәа 120-ҩык раҟара ыҟоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь