Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуаԥҳа афонд "Иаҳгәалашәоит" иаԥшьнагаз акциазы

Sputnik
Агәыҳалалратә фонд "Иаҳгәалашәоит" иаԥшьнагеит акциа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз аишьцәа Агироваа ран лзы Черқьесск ауада аахәара. Ари азҵаара шԥацәырҵи, насгьы аибашьҩы иҭоурых атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Лиалиа Чамагәуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.