Арадио

Адлеиба Отаԥтәи ашкол аԥсҭазаашьазы: иахьа иҟоу аҭагылазаашьала ашәарҭара ҳҭагылоуп

Sputnik
Отаԥтәи ашкол иаԥсҭазаашьоу, аҵарашықәс ҿыц азы раԥхьаӡа акәны ашкол ахь инеиуа ахәыҷқәа ыҟоума, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашкол аиҳабы Амиран Адлеиба.
Ақыҭа школқәа русура хьысҳауп иахьазы еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара амаҷрагьы уахь иналаҵаны ҳәа иҳәеит Адлеиба.
"Иахьа ақыҭа школқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьала ҳанца, ашәарҭара ду ҳҭагылоушәа збоит", - ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа Отаԥтәи ашкол ахь актәи акласс ахь ҩыџьа неит, аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара иааизакны ҩажәаҩык рҟынӡа ыҟоуп. Ҵыԥх азыҟаҵаратә класс ыҟазҭгьы, сынтәа ус еиԥш залымҵит. Арҵаҩцәа разымхара азҵаара акәзар, уигьы ҵарӡаны иқәгылоуп. Ауалафахәы амаҷра, макьана ӡбашьа змам уадаҩроуп ҳәа азгәеиҭеит Адлеиба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.