Арадио

Аргәын еиҭеиҳәеит "Насыԥ зцу цәыббрамза акы" ҳәа ауснагӡатә шаҟаҩы ахәыҷқәа аҵанакыз

Sputnik
Абар шьҭа жәышықәса ҵуеит агәыразратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьиараз" аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы "Насыԥ зцу цәыббрамза акы" захьӡу ауснагӡатә еиҿнакаауеижьҭеи. Уи ала ирыцхраауеит зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟынтәи ашколхәыҷқәа аҵара азы ихымԥадатәиу аканцелиартә маҭәахәқәа раахәара. Урҭ амаҭәахәқәа еиуеиԥшым аклассқәа рҿы иҟоу аҭахрақәа рыла еиқәыршәоуп. Урҭ семестрк аҟынӡа аҵара иазхароуп. Акциа шымҩаԥысуа, насгьы уи азы агәазыҳәара змоу цхыраарас иҟарҵар рылшо, ацхыраара аиуразы шаҟаҩы рыдҵаалахьоу атәы еиҭеиҳәеит агәыразратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Иара иажәақәа рыла 800-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа аканцелиартә маҭәахәқәа рыла еиқәдыршәеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ацхыраара аҟаҵара зҭаху Воронов имҩаҿы аҩны № 64 ала иҟоу "Кьараз" аофис ахь инаргар рылшоит ашкол азы ихымԥадатәиу амаҭәахәқәа. Убасгьы Арӡынба имҩала игылоу адәқьан "Канцпарк" аҿы ишьақәыргылоуп ашәындәыҟәра, уахь агәазыҳәареи алшареи змоу дарбанызаалак ахәыҷқәа рзы ашколтә маҭәахәқәа ҭаиҵар ҟалоит.