63 шықәса ашкол аҟны аус зухьоу, абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу, 90 шықәса ирҭагылоу Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Ахьӡ-аԥша аорден занашьоу Елена Коӷониаԥҳа-Ҭаниа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы далацәажәеит арҵаҩы изанааҭ, дзеиԥшразар акәу ҳәа илԥхьаӡо, ахәыҷқәа дшырзыҟазар акәу, урҭ рыбжьара иааникылаша аҭыԥ.
"Ахаан хәыҷык снаиқәцәҟьаны иҟамлацызт. Иззымдыруаз дааныскылон аурокқәа рышьҭахь, исырҵон. Нас абра Ԥақәашь иҟарҵеит "Аҭаацәа руниверситет" ҳәа. Хәыҷык икәадаз ахәыҷқәа рҭаацәа аазган, даргьы ақәшаҳаҭхеит, мчыбжьык ахь ҩынтә иаауан, иазыҟасҵон рхәыҷқәа азыҟарҵартә еиԥш…Арҵаҩы инакәзаалак ахара дхәыцлароуп. Иахьа акы сгәы иалсит ҳәа анахь-арахь ргәы нархо иҟаимҵароуп, иаԥсаӡам. Ахәыҷы ихагылоу арҵаҩы иҟынтәи иреиӷьӡу аҟазшьақәа ибароуп", - лҳәеит арҵаҩы нага.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.