Ҩ-школк ахьыҟоу қыҭоуп Ҟәланырхәа. Даур Ахба ихьӡ зху аҩбатәи абжьаратә школ аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыҟаҵоу, ахыбра аҭагылазаашьа зеиԥшроу, амаҭәарқәа зегь рыла арҵаҩцәа рызхоума, аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, актәи аклассахь ирызнеиз ыҟоума, уадаҩрас ирымоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашкол аиҳабы Алла Смырԥҳа.
Сынтәа ақыҭа школ ахь ҵаҩык дрызнеит актәи акласс ахь, зынӡа ашкол аҿы ҩажәаҩык аҵара рҵоит, иҟоуп ибжьажьоу аклассқәагьы, лҳәеит Смырԥҳа. Аӡәы изы акласс рзаартӡом ашкол аҿы. Ашкол акәзар, ҽыцны ахыб ҟарымҵар, еилаҳар алшоит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.