Аԥсны

Ишьақәырӷәӷәоуп баџьда Урыстәылантәи Аԥсныҟа иалагалазар зылшо атауарқәа рсиеи рымҽхаки

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Ишьақәырӷәӷәоуп баџьда Урыстәылантәи Аԥсныҟа иалагалазар зылшо атауарқәа рсиеи рымҽхаки ҳәа аанацҳауеит Аекономикатә ҿиара аминистрра асаит.
Зыӡбахә рҳәо аҩнуҵҟатәи ахархәарахь иаҵанакуа атауарқәа роуп — аԥсыӡ, ашәыр, ауҭраҭых, аргыларатә маҭәахәқәа, абзазаратә маҭәахәқәа, апластмассқәа, алиуминии аметалл еиқәаҵәақәеи ирылху амаҭәарқәа.
Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач иажәақәа рыла, ари иабзоураны Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауареикәыршара еизҳауеит, азеиԥш социал-економикатә ҵакыра еиҳа иӷәӷәахоит.
Аԥсни Урыстәылеи атауарқәа рыла ахәаахәҭразы реиқәшаҳаҭрахь аиҭакрақәа ралагаларазы Аԥкаанҵа анапы аҵаҩын ԥхынгәы 16 Чечниа.