Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ақаҩба "Иреиӷьу ахаҵа ироль" азы аԥхьахә иазкны

Sputnik
Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аиааира агеит "Иреиӷьу арежиссура" аноминациаҿы XIII Жәларбжьаратәи Москватәи акинофестиваль "Будем жить" аҿы.
"Иреиӷьу ахаҵа ироль" азы аԥхьахә иоуит Рауль Ақаҩба, иаргьы Гармелиа ифильм аҿы дыхәмаруан.
"Ауаҩы иҟаиҵаз ахә бзианы ианыршьо игәы иаахәоит, ҳәарада, аха еиҳараӡак са сзеигәырӷьаз, аиаша шәасҳәап, раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызго арежиссиор ихатәы мчыла, иԥышәала ас еиԥш аҭагылазаашьа ахьиоуз ауп", - иҳәеит Ақаҩба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
"Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аҿы еиҭаҳәоуп 2000-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Аԥсны инхо, араса аазрыхуа, аурыс ҭаацәара рҭоурых.