Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат ахацыркреи акомандақәа рҭагылазаашьеи

Sputnik
Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат хацыркуп. Асезон ҿыц иалахәу акомандакәа, дара разыҟаҵара аҩаӡара, ашьапылампыл аҿиара шымҩаԥысуа, уадаҩрас иҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа.
Ашьапылампыл азы иреиҳаӡоу алига Аԥсны "Супер-лига" сынтәагьы, ҵыԥх еиԥш, аа-командак алахәуп иҳәеит Ашьапылампыл азы афедерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа. Урҭ акомандақәа "Гагра", "Нарҭ", "Динамо", "Бзана", "Ерцахә", "Афон", "Риҵа", "Саӡ" роуп. Аԥсны актәи алига ҳәа иԥхьаӡоу Амилаҭтә шьапылампылтә лига акәзар, уи сынтәа иалахәуп 11 команда — "Бзыԥ", "Ҷлоу", "Самырзаҟан, "Динамо 2", "Уарча", "Саӡ 2", "Лыхны", "Риҵа 2", "Аӡҩыбжьа", "Гагра 2", "Шахтиор".
Манаргиа иажәақәа рыла, ари алигаҟны сынтәа ацәыӡ ҟалеит — "Ешыра" акоманда алахәхаӡом, раԥхьа иргыланы ашьапылампыласыҩцәа разымхара иахҟьаны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.